Олег Барцыц Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит

Олег Барцыц Никарагуа иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа алархәны аиԥылара мҩаԥигеит
19 July 2025 380

2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгаҩы Олег Барцыц Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аколлектив, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба дырԥылеит.

Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа аминистр изеиҭеиҳәеит имҩаԥысуа Ацҳаражәҳәарҭа аусура атәы.

Аминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит аԥсны-никарагуатәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны Ацҳаражәҳәарҭа аусура арӷәӷәара, иара убас, Латинтәи Америка егьырҭ атәылақәа рымадара аус аиҿкаара шхымԥадатәиу.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: