Ԥхынгәымза 21 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Никарагуа аофициалтә визитла рыҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жәларбжьаратәи аинвестициатә усеицуреи ахәаахәҭра аҿиареи рзы Ареспублика Никарагуа ахада иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильои реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥснытәи аган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит: Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра Латинтәи Америка, Азиа, Азиа-Аокеанҭынч ррегион Адепартамент анапхгаҩы Мадина Зыхәба, Ареспублика Никарагуа иҟоу азинмчнагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аиба, Аԥсны абизнес еилазаара ахаҭарнакцәа Борис Барцыц, Симон Агрба, Алиас Ҳашба.
Аиԥылараҿы, аҩганктәи ахәаахәҭра, аинвестициатәи абанктәи хырхарҭақәа рыла аусеицура арӷәӷәара налаҵаны аекономикатә еизыҟазаашьақәа аринахыстәи рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Акультура аусхк аҿы агуманитартә усеицура аҿиареи аимадара арҵаулареи рзы алшарақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан.
Олег Барцыц Никарагуа аҭаареи Сандинисттәи Ареволиуциа аиааира агара 46 шықәса ахыҵра азгәаҭара ахалархәрази ааԥхьара ахьиоуз ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ҳҳәынҭқаррақәа шықәсырацәалатәи русеицура иалагӡаны, агәреибагареи аҳаҭырқәҵареи шьаҭас измоу, иӷәӷәоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит ҳәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр, Никарагуа уажәтәи иҭаара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуразы алшарақәа ҿыцқәа раԥҵареи рзы ицхыраагӡа дуны иҟалап ҳәа агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.
Лауреано Ортега Мурильо Олег Барцыц Никарагуа дахьнеиз азы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, Никарагуеи Аԥсни ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны ишыршьо азгәеиҭеит.
Аганқәа ахәаахәҭра-економикатә проектқәеи афинанстә усеицуреи рынагӡара аганахь ала апрактикатә шьаҿақәа азгәарҭеит.
Аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аринахысгьы зегь рыла аҿиаразы аҩганк разҿлымҳара шыҟоу аарԥшын.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.