Цәыббра 5 - 16 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҟазара иацырҵарц акурсқәа ирхысуеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиаҿ.
Акурсқәа рҵара-тематикатә план мҩаԥысуеит абри ахырхарҭала: «Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа. Урыстәыла адәныҟатәи аполитика».
Акурсқәа рзыӡырыҩцәа ирылахәуп Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәагьы.
Цәыббра 15 азы акурсқәа рҳәаа иҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп акурсқәа рлахәылацәеи Урыстәыла ААР ИАР атәылақәа Аԥшьбатәи рдепартамент анапхгареи реиԥылара.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәарала Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Адипломатиатә академиаҿ аамҭакьаҿлатәи акурсқәа мҩаԥгазарц аӡбра рыдыркылеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рҟазара иацырҵаларц азы.
Аԥсны ААР аусзуҩцәа Урыстәыла ААР Адипакадемиаҿ рҟазара иацырҵоит
5 September 2022 818