Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит

Иракли Ҭыжәба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит
13 March 2024 73

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари, Џьихан Султаноглуи, Зигфрид Вебери дырԥылеит 2024 шықәса хәажәкыра 13 рзы.

Аиԥылара аԥсуа ган аҟынтәи иалахәын: Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа Лаша Аҩӡбеи Артур Гагәылиеи.

Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәу 60-тәи рраунд амҩаԥгара атема иазкын аиԥылара.

Женеватәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идкылауа, атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ имҩаҧысраны иҟоу Женеватәи аилацәажәарақәа изаамҭанытәи араунд амшхәаҧштә зҵаарақәа дырзааҭгалеит.

Иракли Ҭыжәба иҳәеит ипроблеманы инханы ишыҟоу амч ахамырхәаразы Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, аха ақырҭуа делегациа Аԥсны ажәадгалақәа рылацәажәара мап шырцәыркуа абри азҵаара аганахь ала.

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иумбар залшом ари аҵак ду змоу азҵаара шгәыгәҭажьу. Ҳара иаҳҭахуп абри ахырхарҭала аусура ырцыхцыхзар, ҳәа иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

Женеватәи Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса раахыс. Иахьазы ароуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла рхаҭарнакцәа еидтәаланы реицәажәара ахьалшо. Бжьаҟазацәаны иалахәуп Урыстәыла, ЕАА рхаҭарнакцәа, ацхантәаҩцәа –ООН, ЕС, ОБСЕ. Аԥснытәи аган ари аформат ала аусура ацҵара ишазыхио азгәарҭоит.

2024 шықәса мшаԥы 4-5 рзы иазгәаҭоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 60-тәи рраунд.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: