Москва имҩаԥысит Урыстәыла-Аԥснытәи аиԥыларақәа

Москва имҩаԥысит Урыстәыла-Аԥснытәи аиԥыларақәа
25 October 2018 929
Москва имҩаԥысит изаамҭанытәиу аконсультациақәа, 2015 шықәса хәажәкыра 11 рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыбжьара анапы зҵаҩу Амеморандуп иазыԥхьагәанаҭо адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аконсультациақәа ирылахәын Урыстәылатәи афедерациаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ИАР атәылақәа рдепартамент адиректор Алексеи Павловскии.

Ирылацәажәан ҩ-ганктәи атәылатә еиныррақәа, Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усура азҵаарақәа.



Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: