Аҟәа имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара

Аҟәа имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа рԥылара
9 November 2022 274

2022 шықәса абҵара 9 азы Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Тоиво Клаари Джихан Султаноглуи идикылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.

Аиԥылара иалахәын Ашәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ
Заал Хәарцкиа, аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа, Мадина Шамԥҳа.
Аиԥылара иатема хаданы иҟан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57 – тәи рраунд.

Аиԥылара аартуа Ҭыжәба иазгәеиҭеит иахьазы аԥсуа ган еиҳа иактуалны иаԥхьаӡоу амч ахамырхәаразы аицҳәамҭа аҟаҵара азҵаара шакәу. Иҳәеит абри азҵаараҿы адинамика аҟазааразы еицманшәалоу азнеишьақәа шыԥшаатәу.

Иракли Ҭыжәба ацхантәаҩцәа иргәалаиршәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ишаԥҵаз аиқәшаҳаҭра атекст аус адуларазы акомиссиа ҷыда.

«Иахьазы ари акыршықәса аус зыдулаз адокумент гәыгәҭажьуп» ҳәа азгәеиҭеит Ҭыжәба.
Иара иҳәеит ақырҭуа делегациа адиструктивтә позициа акыр шықәса ари азҵаара шьшьылаҳауа иаанагоит ҳәа.

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иазгәеиҭеит аԥснытәи аган ҷыдала Аԥсны атәылауаа рхы иақәиҭны рныҟәара алзыршаша апроцессқәа ишрышьклаԥшуа. Хаҭала ирзааҭгылан аԥснытәи амилаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа адунеи аҟны аныҟәараан ахрархәара азҵаарақәа.

«Актуалра аҵоуп аԥсуа милаҭтә тәылауаҩшәҟәқәа адунеи зегь аҩныҵҟа аныҟәаразы разхаҵара. ООН иалам атәылақәа жәпакы ртәылауаҩшәҟәқәа азхаҵоуп, урҭ ртәылауаа рхы иақәиҭны иахьырҭаху инеиларц, иааиларц» ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.


Инақәырӷәӷәаны иазгәеиҭеит ари аҩыза апрактика аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәагьы аҵанакыр ауп ҳәа.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала адискриминациа ахархәара шамоу, уи Аԥсны атәылауаа рзинқәа шыԥнакуа.

«Ари акрызҵазкуа гуманитартә проблемоуп, иагьыӡбатәуп», - иҳәеит иара.

Ашәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәо аԥснытәи аган иазгәарҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоу Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ԥхьаҟазы еиҳагьы актуалра шамоу, аиҳаракгьы қырҭтәыла арратә ҽырхиара аҭыԥ анамоу аамҭазы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ацхантәаҩцәа иазгәарҭеит ари аформат аусура ишацҵатәу, аусдҵақәа хра рыманы рыӡбразы ишахәҭоу аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы русеицура.

Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирыхәҭаку Гал ақалақь аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы ақырҭуа-аԥсуа механизм (МПРИ) аформат аусура алагара алацәажәара.

Иара убасгьы ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, хақәиҭрала аныҟәара иадҳәало адокументациа азҵаарақәа, иара убасгьы иҟалараны иҟоу араунд егьырҭ амшхәаԥштә азҵаарақәагьы.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамзаахыс.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу 57-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2023 шықәса жәабранмзазы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: