Хәажәкыра 5 рзы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имшира идиныҳәалеит.
Аминистр ацҳаражәҳәаҩ ииҭеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа, ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсны-Урыстәыла реизыҟазаашьақәа рҟны илагаламҭа дуқәа рзы.
Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Алексеи Двинианин изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, иусураҿы ақәҿиарақәа.