Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа амш инадҳәаланы

Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа амш инадҳәаланы
8 April 2021 537

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа адкылара амш 20 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Аҳәынҭқарреи атәылауааи рыԥсҭазаараҿы Аконституциа ароль ду нанагӡоит. Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа аҵак ду аманы иҟоуп, символра ауеит адемократиатә ҳәынҭқарра ашьақәгылара ишаҿу азы, иара убасгьы Аахыҵ Уаԥстәыла асоциал-економикатә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи рырӷәӷәаразы.

Аконституциа аншәыдышәкылаз амш инаркны иахьанӡатәи аамҭа иаанарԥшуеит адокумент хра ду аманы ишыҟоу. Агәра згоит Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ԥхьаҟагьы адемократиа амҩа ишанымҵуа, атәыла Аконституциа инақәыршәаны рыҿиара шымҩаԥырго».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: