Инал Арӡынба Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15-шықәса аҵра

Инал Арӡынба Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15-шықәса аҵра
18 January 2022 513

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба идиныҳәалеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15-шықәса аҵра.

Адныҳәалараҟны иаҳәоит:

«Ҳаҭыр ду шшәықәысҵо азгәаҭо  адныҳәалара шәзынасышьҭуеит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра шьаҭаркуижьҭеи 15-шықәса аҵра инадҳәаланы. Ахаҭарнакра аартра иҿыцу етапны иазыҟалеит ареспубликақәа рыҩба русеицразы. Ахаҭарнакра иаҳхысыз аамҭақәа раан аусура ду мҩаԥнагеит, алагала ду  ҟанаҵеит ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реинырраҿы.

Агәра згоит Аԥсны иҟоу Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспублика Ахаҭарнакра ԥхьаҟагьы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Молдавиатәи Приднестровиатәи ареспубликеи реизыҟазаашьа арҿиараҿы алшамҭа дуқәа шаланагало».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: