Инал Арӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит

Инал Арӡынба адныҳәалара ҟаиҵеит
12 June 2022 539

Урыстәыла Амш инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дидныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ари аныҳәа исуверентәу аҳәынҭқарра аргылараз амҩа иашьананы иҟоуп. Иҭәуп доуҳатә ҵакыла, еиднакылоит милаҭ рацәала еилоу Урыстәыла ажәлар.

Урыстәылатәи Афедерациа – адемократиеи, ахақәиҭреи егьырҭ хәызмоу аҭагылазаашьақәеи ҵаҵӷәны иззыҟоу иахьа жәларбжьаратә аренаҿы иналукааша ҳәынҭқарроуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьа аҩаӡара атәылақәа рыҩбагь рышьагәыҭ жәларқәа ринтересқәа ишрықәшәо агәра ганы сыҟоуп».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: