Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Индонезиа адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адгьылбжьаха Иава ааигәара амшын иалаҳаз авиалаинер иҭаз 189-ҩык ауааԥсыра рыԥсҭазаара ралҵра инамаданы.
Адышшыларатә шәҟәы аҿы иаҳәоит:
«Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Индонезиа адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадышшылоит иҟалаз арыцҳара инамаданы.
Ҳшәыҳәоит иҭахаз ргәакьацәа, рҭаацәа ргәырҩа шрыцеиҩаҳшо рашәҳәарц» ҳәа.