Аԥсны ААР адныҳәалара ҟанаҵеит

Аԥсны ААР адныҳәалара ҟанаҵеит
23 February 2023 426

Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«Ари аныҳәа абиԥарала еимырдо аиааирақәа ргәалашәара, афырхаҵареи агәымшәареи иршьананы иҟоуп.

Иахьатәи ҳамшқәа рзы адоуҳатә беиарақәа иҷыдоу ахәшьара рыманы иҟоуп. Хаҭала ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ари аныҳәамш азы зыҩны, зҭаацәа ирцәыхароу, Зыԥсадгьыл хамегӡарада амаҵ азызуа.

Иахьа Урыстәыла аруааи хатәгәаԥхарала еибашьуа Аԥсны атәылауааи анеонацизм иаҿагылоп фырхаҵарыла.

Ҳара еснагь иаҳгәалашәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рфырхаҵарақәа. Урҭ еснагь ҿырԥшыганы иаҳзыҟазаауеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш еиднакылоит иара ахьчараз зхы-зыԥсы иамеигӡо, есыҽнытәи рџьала уи зырӷәӷәо».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: