Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара далахәын

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара далахәын
14 August 2020 597

Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни. Ихыркәшахеит Аԥсны ахақәиҭтәрала 1993 шықәса цәыббра 30 рзы.

Иахьа, Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа заԥхьа дгылаз атәыла анапхгара, Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, иҭахаз рҭаацәа Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аԥша амемориал аҿи Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡыинба имемориал аҿи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Ахьӡ-аԥша амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа далахәын.

Аибашьра иалаӡит зықьҩыла Аԥсны иреиӷьыз аԥацәеи аԥҳацәеи. Урҭ рыԥсҭазаарақәа ахҭынҵоуп иахьатәи ихьыԥшыму, зых иақәиҭу аԥсуа ҳәынҭқарра. Абри агәалашәаратә мшы аҽны Аԥсны иахьаҵанакуа имҩаԥысуеит иҭахаз анышә иахьамадоу ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара. Агәалашәаратә акциақәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: