Даур Ақаҩба Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш идиныҳәалеит

Даур Ақаҩба Дмитри Медоев идиныҳәалеит   Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш идиныҳәалеит
20 September 2021 444

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев идиныҳәалеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика амш.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

«31 шықәса раԥхьа, цәыббра 20 1990 шықәсазы Аахыҵ Уаԥстәыла автономтә статус Аахыҵ Уаԥстәылатәи асовет демократиатә республикаҟынӡа ашьҭыхраз аӡбра рыдыркылеит Жәлар рхеилак адепутатцәа. Адекларациа адкыларала иҟаҵан раҧхьатәи ашьаҿа ахьыҧшымреи жәларбжьаратәи азхаҵареи рымҩахь. Аахыҵ Уаҧстәыла зхы иақәиҭу идемократиатәу аҳәынҭқарра аргыларазы иамоу азин шьақәнарӷәӷәеит.

Ари амш адоуҳатә ҵакы амоуп, ауаԥс жәлар реидгылара, ргәымшәара ныҭкааны иаанарԥшуеит» ҳәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: