Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров 70 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иаҳәоит:
«Гәык-ԥсык ала шәиубилеи шәыдысныҳәалоит!
Шәара ҳаамҭазтәи иналукааша адипломатцәа шәреиуоупҩ Шәара шәҟазара ҳараки акыр шықәса Урыстәыла аинтересқәа реиқәырхара азықәԥареи, шәылшамҭақәеи адунеи зегь аҟны шәыхьӡ аҳаракра рылдыршеит. Шәара шәнапхгарала Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адәныҟаполитикатә усура аҩаӡара ҳаракы амоуп.
Шәыпрофессионализм, шәхаҭаратә ҟазшьақәа, Аԥсадгьыл аинтересқәа ахадараҿы рыргылара иалнаршеит адунеи зегь аҿы шәыхьӡ-шәыԥша аларҵәара
Аԥсны ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара ишьақәгылаз аиҩызаратә еимадарақәа. Шәара шәыхәҭаа ари аус аҟны ишьардоуп. Еиҭахгьы иазгәасҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Урыстәылатәи Афедерациа ҩыза дус ишашьо. Агәра згоит агәреибагареи аилибакаареи шьаҭаны измоу аизыҟазаашьақәа идыррӷәӷәеит ҳәа Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реинырра».