Ажьырныҳәа 28 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Пакистан аусуратә еимадара ашьақәыргылара ацхырааразы ассоциациа «BACP” ахада, МОО "Землячество Пакистанцев в России" ахада, аиҿкаара "Деловои совет по сотрудничеству с Пакистаном" ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Џьавад Рахман Шехриа.
Аиԥылараан аганқәа алацәажәеит Аԥсни Пакистани рыбжьара акультуратә, ахәаахәҭратә, асоциал-економикатә еимадарақәа рышьақәыргылара алыршара, иара убасгьы еиуеиԥшым егьырҭ аусхкқәа рҟны аусеицура аԥеиԥш азҵаарақәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит дшазыхио атәылақәа рыҩба рыбжьара аусутә еимадарақәа рышьақәыргылара ацхраара.