Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Урыстәыла Амш идиныҳәалеит
12 June 2023 175

Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа, хаҭала сареи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи ҳахьӡала Урыстәыла Амш шәыдаҳныҳәалоит.

Иуҳәар ҟалоит абри амш - 1990 шықәса рашәара 12 инаркны ихацыркхеит ҳәа имариамыз, хьӡи-ҧшеи зцыз ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа ианысыз урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц. Урыстәыла ажәлар рыҧсадгьыл иазгәдууп, уаҵәтәи рҧеиҧшгьы агәра ргартә иҟоуп иахьа.

Акрызҵазкуа абри амш аҽны, ҳаҭыр зқәу Михаил Александр-иԥа, ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп агәабзиара, агәамч, аҭакҧхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы аринахысгьы аихьӡарақәа, Урыстәыла ажәларқәа – аҭынчра, аизҳазыҕьара.»

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: