Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит

Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит
12 June 2023 189

Рашәарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы, ҷыдала, иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Сергеи Виктор-иԥа, хаҭала сареи Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи ҳахьӡала Урыстәыла Амш шәыдаҳныҳәалоит.

Абри иалкаау амш лаша иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иазгәанаҭоит иналукааша ҳәынҭқаррак аҳасаб ала, жәларбжьаратәии арегионалтәии шәарҭадара еиҿызкаауа, адунеиеиҿкаара ҿыц аԥызҵо акәны.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа аиҩызара, аидгылара, астратегиатә партниорра рыпринципқәа шьаҭаны ирымоуп, ганрацәала иҿиоит.

Агәра ганы сыҟоуп аусбарҭабжьаратә еинырра Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура хазырҭәаауа усны ишыҟоу».

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: