Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит ОБСЕ иҟоу Еиду аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Џьеимс Гилмор иқәгылара

Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит ОБСЕ иҟоу Еиду аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Џьеимс Гилмор иқәгылара
13 November 2020 824

Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахҳәаа анаҭеит ОБСЕ иҟоу Еиду аштатқәа рыцҳаражәҳәаҩ Џьеимс Гилмор Вена, абҵара 12 рзы ОБСЕ иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Ахеилак аилатәараҿы иқәгылара. Ақәгылараҿы иазгәаҭан Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура аспектқәак.

Ҷыдала Гилмор дазааҭгылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд, 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟаз, аха коронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыгаз. Иара игәаанагарала аиҿцәажәарақәа реилатәара аурыс ган гәҭакыла еиԥнаҟьеит. 

Уаанӡагьы Гилмор Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь ала зыдкылара уадаҩу аҳәамҭақәа ҟаиҵахьан, иџьоушьаша аҭоурыхтә екскурсқәа дрылацәажәахьан.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра уи аҭакс ацҳаражәҳәаҩ инардырхьан иҟоу шыҟоу. Ҷыдала ирзааҭгылан аԥсуа-ақырҭуа еимакы ҵаҵӷәыс иамоу, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа аиқәшаҳаҭра-зинтә ҵаҵӷәы шрымоу ирдырын.

Уажәазы иара Женеватәи аиҿцәажәарақәа анализ риҭеит. Иҳәеит урҭ хымԥада ишаҭаху аха убри аан Гилмор ҷыдала дазааҭгылеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 51-тәи рраунд, 2020 шықәса ааԥынразы имҩаԥысраны иҟаз, аха коронавирустә пандемиа иахырҟьаны иахыгаз. Иара игәаанагарала аиҿцәажәарақәа реилатәара аурыс ган гәҭакыла еиԥнаҟьеит. 

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит араунд арыцхә ахыгара зыдҳәалаз ачымазара аламырҵәара шакәыз, иарбанызаалак аҽа мзызк аԥшаара шаҭахым.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура иалахәу аганқәа зегьы рзы аинтерес рыҵоуп. Еилкаазар алшон ари атемала аспекулиациа аҟаҵара аҭыԥ шамам.

Иара убасгьы иазгәаҭатәуп Гилмор Урыстәыла аганахь ала «ихыҭҳәаау аҽыԥныҳәақәа» дышрылацәажәоз, Урыстәыла акәзар абжьаҟаза ҳәа акәымкәа «аимак аган» ҳәа шазиҳәаз. ЕАА ацҳаражәҳәаҩ иқәгылараҿы иубарҭан акцентқәа рыԥсахра иҽшазишәози Женеватәи аиҿцәажәарақәа ртема алацәажәара иҽшацәхьеикуази.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазааҭгыланы иазгәанаҭоит Аԥсны ԥхьаҟатәи аусеицура ишақәгәыӷуа зегь еицырзыманшәалоу алҵшәақәа роуразы.

Агәрахаҵара уадаҩуп ЕАА ацҳаражәҳәаҩ ОБСЕ иқәгылара Женеватәи аиҿцәажәарақәа русура хра аманы аҟалара иацхраауеит ҳәа. Ацхыраара акәым аԥынгылароуп иара ззырхо.

Аҽазныкгьы иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак дызлахәым иарбанызаалак жәларбжьаратә ҭыԥқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра зҵазкуа азҵаарақәа рылацәажәара ахәҭаны иҟам ҳәа, избанзар арегион аҿы имҩаԥысуа аԥаршеи ҟазшьа роуеит, ақырҭуа ган адунеи ауаажәларра ирызнаргарц ишырҭаху аиԥш инагахоит.

Аԥсны Женеватәи аиҿцәажәарақәа ԥхьаҟагьы рымҩаԥгара аҭахны иашьоит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: