Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нарышьҭит Аԥыза-министр иҭахара инадҳәаланы

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы нарышьҭит Аԥыза-министр иҭахара инадҳәаланы
9 September 2018 871
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра гәалсра дула ирыдашшылоит машәырла иҭахаз Аԥсны Аԥыза-министр Геннади Леонид-иԥа Гагәылиа иҭаацәа, иуацәа, иҭахцәа.

Геннади Леонид-иԥа иналукааша ҳәынҭқарратә усзуҩын, инарҵауланы аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара зылшоз уаҩын, ауааи иареи ражәа еибакуан, аҽа гәаанагарак змаз иҿцәажәашьа дақәшәон. Геннади Леонид-иԥа ихьӡ узаҟәымыҭхо иадҳәалоуп аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылара, атәыла аекономика аҿиара, аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа аус рыцура.

Геннади Леонид-иԥа атәыла аҩныҵҟаиԥш анҭыҵгьы ахьӡ ду змаз уаҩын. Ахәшьара уадаҩуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи егьырҭ атәылақәеи реинырраҿ илагала. Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палатаҿ иусураан Геннади Леонид-иԥа изныкымкәа атәыла аинтересқәа ихьчахьан еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахь ала.

Аҳәынҭқарраҿ иналукааша ауаҩы иҟамзаара Аԥсны  ажәлар рзы харҭәаашьа амамкәа иҟоу цәыӡуп. Иара изымхара ҳнырлоит акраамҭа.

Геннади Леонид-иԥа игәалашәара лаша ҳацзааит наунагӡа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: