Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адипмаҵзура аусзуҩцәа аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адипмаҵзура  аусзуҩцәа аусбарҭа 30 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
17 May 2023 231

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа, иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра 30 шықәса ахыҵра амш.

Лаҵара 17, 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра. Абри азы ақәҵара инапы аҵеиҩит Владислав Арӡынба.

Аԥсуа дипломатиа аиҿкаареи аҿиареи мҩаԥысуан имариамыз аҭагылазаашьақәа рзы, усҟан адипломатиатә маҵзура аветеранцәа хацәнымырха аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчон.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟоу аԥышәа ҵаҵӷәыс иганы иахьагьы аҳәынҭқарра аинтересқәа ахьчоит, ихырхарҭа хаданы иаԥхьаӡоит:

аусбарҭа аусура аиӷьтәра, аматериал-техникатә еиқәыршәара, аӡбарақәа рыдкылара асистема,

жәларбжьаратәи аинформациатә политика арцыхцыхра,

Амедиацентр аусура ахацыркра,

жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара, рырҭбаара – Мрагылара Ааигәа, Африкеи Латинтәи Америкеи ртәылақәагьы налаҵаны,

иҩызам атәылақәа атәыла аҩнуҵҟа аҭагылазаашьа анырра арҭартә алмыршара,

аҿар жәларбжьаратәи аҭыԥқәа рҿы адгылара рыҭара.

Аиҭакра аамҭақәа раан Аԥсны Урыстәыла иавагыланы ииашоу аҭоурых иадгылоит

Иахьа иаҳбарҭоуп иҿыцу адунеитә еиҿкаашьа ашьақәгылара ишаҿу. Ари аҭагылазаашьаҿы адунеитә зхаҵара ҳаурц азы аҽазышәарақәа ҟаҳҵоит, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистемаҿы иахәҭоу аҭыԥ аанаҳкыларц
Ҳаҭыр зқәу адипломатиатә миссиа аусзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит акрызҵазкуа абри амшныҳәа, агәра шәсыргоит аусбарҭа ԥхьаҟагьы аусура Аԥсны амилаҭтә интересқәа рыхьчара, аҭакԥхықәра, апрогресс шьаҭас ишаиуа.
Сынтәи иҵуеит 30 шықәса Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ҳажәлар аиааира ргеижьҭеи. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит аиҳабыратә абиԥара Аԥсадгьыл ахьҳамоу азы.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: