Аԥснытәи артистцәа Беларусиа имҩаԥгахо афестиваль "Славянский базар" иалахәхоит

Аԥснытәи артистцәа Беларусиа имҩаԥгахо афестиваль "Славянский базар" иалахәхоит
23 February 2023 141

«Афестиваль "Славянский базар" 1992 шықәса раахыс имҩаԥыргоит, арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны афестиваль рҽаладырхәхьеит 70 ҳәынҭқарра рхаҭарнакцәа.

Белоруссиатәи ҳколлегацәа гәахәарыла ирыдыркылеит аԥсуа артистцәа афестиваль иалахәхар ахьрылшо. Афестиваль аҟны ашәаҳәаратә ҟазара анаҩсгьы, егьырҭ аҟазара хкқәа - асахьаҭыхра, атеатралтә, акино, жәлар рнапҟазара цәыргоуп.

Афестиваль аҳәаақәа иҭагӡаны имҩаԥыргоит адунеитә культура аҟазауаа рԥылара, аспектакльқәеи афильмқәеи раԥхьарбарақәа, ацәыргақәҵақәа.", - иҳәеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: