Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Аслан Бжьаниеи Владимир Путини Шәача аԥшьаша, абҵара 12 рзы реиԥылара мҩаԥысит.
Аслан Бжьаниа уахь анаԥхьара ииҭеит иколлега Владимир Путин.
Урыстәыла ахада Владимир Путини Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи инарҭбааны ирылацәажәеит ҩ-ганктәи ахәаахәҭра-економикатә, акультура-гуманитартә усеицура азҵаарақәа реиԥш еиуеиԥшымыз егьырҭ азҵаарақәагьы.
Аслан Бжьаниеи Владимир Путини иара убасгьы иалацәажәеит адәныҟаполитикатә координациа азҵаарақәа, арегионалтә шәарҭадара.
Аслан Бжьаниа дрыҵаркит Урыстәыла ахада акоронавирустә пандемиа аамҭазы идикылаз хәҩык аҳәынҭқаррақәа рхадацәа.