Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа
19 July 2017 1076
2017 шықәса ԥхынгәы 30 инаркны нанҳәа 12 рҟынӡа имҩаԥысраны иҟоуп НАТО атәылақәеи алианс апартниорцәеи злахәу арратә зыҟаҵарақәа "Достойный партнер 2017" (Noble Partner 2017). Аусмҩаԥгатә иалахәхоит 2 800-ҩык Қырҭтәыла, США, Великобританиа, Германиа, Ҭырқәтәыла, Словениа, Украина, Ермантәыла рыруаа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәҭынчымра азнарҵысуеит аформат Қырҭтәыла-НАТО ала иазыԥхьагәаҭоу масштабҭбаалатәи, арратә кәлаӡтәы техникеи авиациеи алархәны, зықьҩыла аруаа злахәны имҩаԥгахараны иҟоу арҭ арратә ҽазыҟаҵарақәа.
Агәра аагоит Қырҭтәыла арратә мчқәа разыҟаҵара арҭбаареи аизырҳареи арегион аҟны иҟоу аҭынчра ҵнашәаауеит, иҟоу аимакқәа рҭышәныртәалара иазырхоу жәларбжьаратәи аформатқәагьы рҽазышәара иаԥырхагоуп ҳәа.

Асеиԥш агәҭынчымра узҭо астатистика иаартны иунарбоит Қырҭтәыла, иара америкатәии европатәии аҩызцәа рыцхыраарала, арратә лшара шарҭбаауа.
Асеиԥш иҟоу азыҟаҵарақәа Қырҭтәыла аҵакыраҿы изныкымкәа имҩаԥысхьеит, урҭ еиҳа-еиҳа рыҽдырҭбаауеит, аҽарҭбаауеит иара иалахәу аруаа, акәылӡтәы техника хьанҭа рхыԥхьаӡарагьы.

Абри аҩыза агәҭынчымра узҭо астатистика иаартны иунарбоит Қырҭтәыла, иара америкатәии европатәии аҩызцәа рыцхыраарала, арратә лшара шарҭбаауа.
Агәаларшәара аҭахны иаабоит мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәа ишәарҭоу рполитика Қырҭтәыла амилитаризациа ишацхраауа. Уи шакәу 2008 шықәса нанҳәамзазы Қарҭ имҩаԥнагаз агрессиагьы алзыршаз.

Абри инадҳәаланы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи НАТО иалахәу иара апартниорцәеи имҩаԥырго аусқәа идеструктивтәу, арегион аҟны ԥхьаҟа аҭагылазаашьа уадаҩ аԥызҵо ракәны иахәаԥшуеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: