Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр, аплатформа «Аԥсны аԥеиԥш» ашьаҭаркҩы Инал Арӡынба диԥылеит УА ахада иҿы еиҿкаау Иреиҳаӡоу ашкол РАНХиГС Аҳәынҭқарратә напхгараҭара адиректор, АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адиректор хада Алексеи Комиссаров.
Аиԥылараҿы иӡбан сынтәа анапы аҵаҩызарц аплатформа «Аԥсны аԥеиԥши» АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи" рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра.
Аиқәшаҳаҭра иалнаршоит Аԥсны аҿар адгылара рыҭара аицлабра «Аԥсны агәадура» амҩаԥгараан.
Аицыпроектқәа мҩаԥгахоит Аԥсны ахада иҟаиҵо ацхыраарала.
АНО "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" — автономтә еиҿкаароуп, иаԥҵоуп 2018 шықәсазы Владимир Путин иаԥшьгамҭала.