2023 шықәса лаҵара 16 азы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара

2023 шықәса лаҵара 16 азы имҩаԥысит Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара
16 May 2023 207

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә хылаԥшырҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Ахсар Џьиоеви реиԥылара.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра астратегиатә усеицура адепартамент анапхгаҩы Џьемал Бганба, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәаанырцәтәи аусбарҭақәа аус рыцура азы аҟәша анапхгаҩы Алеқсеи Санакоеви Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциеви.

Аиԥылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Аиԥылара традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, акыр аԥхарра аҵаны имҩаԥысит. Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аԥҵара 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны еиҿкаахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ихы алаирхәуеит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: