Инал Арӡынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы Никарагуа аделегациа дырԥылеит

Инал Арӡынба Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы Никарагуа аделегациа дырԥылеит
14 June 2023 237

XXVI Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ареспублика Никарагуа Ахада аинвестициақәеи ахәаахәҭреи жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы иабжьгаҩ, Урыстәыла аус ацура азы Никарагуа иҷыдоу ахаҭарнак Лауреано Ортега Мурилио напхгара зиҭо Никарагуа аделегациа ахаҭарнакцәеи реиԥылара мҩаԥысит.

Никарагуатәи аган иалахәын: аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ - Лауреано Ортега Мурильо, Афинансқәеи аҳәынҭқарратә кредитқәеи рминистр - Иван Акоста, Ареспублика Никарагуа атранспорти аинфраструктуреи рминистр - Оскар Мохика, Ареспублика Никарагуа агәабзиарахьчара аминистр - Марта Реиес, Ареспублика Никарагуа акоммуникациеи аграждантә зҵаарақәеи рзы Ахеилак аҿы аинформациа амассатә хархәагақәа рдиректор – Даниель Едмундо Ортега Мурильо, Урыстәылатәи Афедерациаҟни Аԥсны Аҳәынҭқарраҟни иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ - Альба Асусена Торрес.

Аиԥылараҿы аганқәа Аԥсни Никарагуеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицуреи уи афинанстәи алогистикатәи еиқәыршәареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан аинформациатә политика аусхкы аганахьала аусура активизациеи акоординациеи азҵаара.

Иара убас, аганқәа, ахырхарҭарацәара аинтересқәеи жәларбжьаратәи азин ареформақәеи рыхьчареи мраҭашәаратәи инапхгаратәым Аиҿкаарақәа хра злам анырра аҿагылареи зылшо аидгылатә медиахолдинг «Аԥсны-Никарагуа» аԥҵара шхымԥадатәиу азы еиқәшаҳаҭхеит.

Лауреано Ортега Никарагуа ахада Даниель Ортега иҟынтәи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа асалам изааиҭиит.

Инал Арӡынбагьы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иҟынтә Никарагуа ахада Даниель Ортега иахь асалам неиҭиит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: