Аслан Бжьаниа Иракли Ҭыжәба ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ

Аслан Бжьаниа Иракли Ҭыжәба ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ
16 May 2023 150

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ҳәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа.

Ахьӡҩаӡара ихҵоуп:

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, I акласс иатәу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны ахада иусԥҟа «Адипломатиатә рангқәа рзы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» (17. 08.2018 ш. №232 (13.02. 2019 ш. №27, 17.02. 2020 ш. №41, 06. 05. 2022 ш. №107 рзы иԥсаху) инақәыршәаны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: