Аслан Бжьаниа Одиссеи Бигәаа ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ

Аслан Бжьаниа Одиссеи Бигәаа ихиҵеит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ
16 May 2023 146

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа инапы аҵаиҩит Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ ҳәа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа ахьӡ ихҵаразы аусԥҟа.

Ахьӡҩаӡара ихҵоуп:

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, I акласс иатәу аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи ацҳаражәҳәаҩ Одиссеи Бигәаа, Аԥсны ахада иусԥҟа «Адипломатиатә рангқәа рзы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәаразы» (17. 08.2018 ш. №232 (13.02. 2019 ш. №27, 17.02. 2020 ш. №41, 06. 05. 2022 ш. №107 рзы иԥсаху) инақәыршәаны.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: