Арӡынбеи Захаровеи Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара аплан иалацәажәеит

Арӡынбеи Захаровеи Аԥсны жәларбжьаратәи аинформациатә политика арӷәӷәара аплан иалацәажәеит
16 February 2022 955

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартамент адиректор, Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захаровеи аиԥылара мҩаԥыргеит Москва.

Аиԥылараҟны ҷыдала иазааҭгылан Аԥсны жәларбжьаратәи аимиџь аоптимизациазура аинформациатә ресурсқәеи асоциалтә ҳақәеи рхархәарала.

Аганқәа иара убасгьы иалацәажәеит Аԥсны ААР амедиацентр ҿыц аусқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны ААР абри ахырхарҭа иатәу адепартаменти Урыстәыла ААР аинформациеи акьыԥхьи рдепартаменти русеицура арцыхцыхра азҵаара.

Аиԥылара ахыркәшараан Инал Арӡынба Мариа Захарова ҳамҭан илыдигалеит "Ақәгыларақәеи аинтервиуқәеи реизга. 1992-2005. В.Г. Арӡынба". Аиԥылара аиҩызаратә ҟазшьа аманы имҩаԥысит.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: