Дамаск имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра

Дамаск имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра
6 October 2020 942

Жьҭаара 6 рзы Шьамтәылатәи Арабтә республика аҳҭнықалақь Дамаск имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа официалла аартра. Ауснагӡатә иалахәын Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Уалид аль Муаллем, Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Аиман Сусан, Шьамтәыла аккредитациа змоу Урыстәыла, Венесуела, Куба рыцҳаражәҳәаҩцәа.
Ауснагӡатә аартуа Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба иазгәеиҭеит акыршықәсатәи атәылақәа реизыҟазаашьа: «Шьамтәыла инхо ҳдиаспора акыр шәышықәса активла иалахәын шьамтәылатәи аҳәынҭқарра аҿиареи ашьақәгылареи. Ҳара ԥхьаҟагьы иацаҳҵалоит аиҩызара амҩала аизыҟазаашьақәа рырҿиара» ҳәа.
Аԥснытәи аделегациа ахада, Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Алхас Кәыҵниа иқәгылараҟны иазгәеиҭеит:
«2020 шықәса ԥхынгәы 29 рзы ишьаҭаркын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа. Ари аҭоурыхтә шьаҿа аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы ираԥхьатәиз шьаҿан. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Шьамтәыла анапхгара ахымҩаԥгашьа, агәра ганы ҳаҟоуп ҳаизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы ҳаҭыреиқәҵарала аҿиара шроуа» ҳәа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иҳәеит:
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Шьамтәылатәи Арабтә республиказы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа ирныру аиҟазҵо цҳаны иҟоуп. Иахьа иаҳҳәар алшоит ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара официалла адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеит ҳәа».
Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Уалид аль Муаллем Аԥснытәи аделегациа аԥсшәа раҳәо ирыдиныҳәалеит Ацҳаражәҳәарҭа аартра.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: