Мшаԥымза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәылеи Китаии рыбжьара астратегиатә партниорра аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара 30-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Каракас Амилаҭтә пантеони Симон Боливар Имавзолеии рмонументалтә комплекс аҵакыраҿы.
Ацеремониа мҩаԥыргон Китаии Урыстәылеи рдипломатиатә миссиақәа рхадацәа – ацҳаражәҳәаҩ Лань Ху, ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров.
Аныҳәа иара убасгьы иалахәын Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа.