Инар Ладариа адокументалтә кино афестиваль «RT Адок: Ҳфырхацәа раамҭа» аартра ацеремониа даҭааит

Инар Ладариа адокументалтә кино афестиваль «RT Адок: Ҳфырхацәа раамҭа» аартра ацеремониа даҭааит
10 December 2025 82

Ԥхынҷкәынмза 9, 2025 шықәсазы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Алиас Аибеи адокументалтә кино афестиваль «RT Адок: Ҳфырхацәа раамҭа» аартра ацеремониа иаҭааит. Афестиваль Никарагуа Амилаҭтә синематека азал Ду аҿы имҩаԥысит.

Инар Ладариа RT аинтервиу аҭо иазгәеиҭеит иарбоу, аконтинентбжьаратә фестиваль ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра АдәАР ацхыраарала қәҿиарала ишымҩаԥысыз. Иара убасгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит аҿар апатриотизм рылааӡареи еиуеиԥшым аконтинентқәа рҿы ауааԥсыра ҳаамҭазтәи афырхацәа, ауаҩытәыҩсатә ҟазшьақәа, ацәгьеи абзиеи реиҿагылара рзы инарҭбааны адырра рыҭара иазку афестиваль аформат аҵак ду шамоу.

Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ афестиваль «RT. Адок: Ҳфырхацәа раамҭа» апродиусер хада Екатерина Иаковлева илыдиныҳәалеит афестиваль Никарагуа қәҿиарала аартреи уи агеографиа арҭбаареи.

Екатерина Иаковлева лакәзар, иазгәалҭеит ҳазҭоу ашықәс абҵарамзазы афестиваль амҩаԥгараҿы аԥсуа ган ахаҭарнакцәа қәҿиарала русуреи арратә операциа ҷыда иалахәу аԥсуа хатәгәаԥхарауаа фырхацәа рроль дуи.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: