Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Венесуела ацҳаражәҳәаҩ Хавиер Арруеи аилахәыра анџьныр, Никарагуатәи аенергетикатә еилахәыра (ENEL) адиректор Ернесто Мартинес Тиффери ицны Уго Чавес Фриас ихьӡ зху асофтбол азы ачемпионат «Ажәларқәа реиҩызара» ахыркәшаратә церемониа ихы алаирхәит.
Атәылақәа рыбжьара аимадара арӷәӷәара аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкааз аусмҩаԥгатә, Никарагуа иҟоу еиуеиԥшым аиҿкаарақәеи амаҵзурақәеи рҟынтәи 250-ҩык инареиҳаны, абеисбол абзиабаҩцәа еиднакылеит. Аусмҩаԥгатә ахыркәшаратә церемониа аан, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа атәылақәа реизыҟазаашьақәа рҟазшьа ҷыда змоу аусеицуреи аиашьаратә еинырреи ртәы инаҵшьны аӡбахә рҳәеит, аспорт аинтеграциеи ауаажәларратә дипломатиеи рзы ихадоу мыругак аҳасаб ала иазгәарҭеит.
Атурнир ахыркәшамҭазы, апротоколтә церемониа мҩаԥган, уи аан алахәылацәа аҳамҭақәа ранашьан, урҭ рҟны ари аспорттә еицлабра иаланарҵәо акзаареи аидгылареи рҵакы акраҵанакуаны иазгәаҭан.
Инар Ладариа Уго Чавес Фриас ихьӡ зху асофтбол азы ачемпионат «Ажәларқәа реиҩызара» ахыркәшаратә церемониа ихы алаирхәит

7 May 2025 75