Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа официалтә визитла даҭааит

Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Ареспублика Никарагуа официалтә визитла даҭааит
19 July 2025 337

2025 шықәса ԥхынгәымза 18 рзы, Аԥсны  адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барциц напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа Ареспублика  Никарагуа ахада Даниель Ортега инаԥхьарала, официалла атәыла иаҭааит, Асандинисттә револиуциа аиааира 46 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа разгәаҭара иалахәхаразы. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Никарагуа аофициалтә хаҿқәеи, абизнесеилазаара ахаҭарнакцәеи дареи реиԥыларақәа жәпакы азыԥхьагәаҭоуп.

Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Латинтәи Америка, Азиа, Азиа-Аокеанҭынч арегион Рдепартамент анапхгаҩы Мадина Зыхәԥҳа, иара убас Аԥсны абизнес еилазаара ахаҭарнакцәа Борис Барцыц, Симон Агрба, Алиас Ҳашба.

Манагуа аҳаирбаӷәазаҿы Аԥснытәи аделегациа ирԥылеит Ареспублика Никарагуа ахада аинвестициақәеи, ахәаахәҭреи, Жәларбжьаратәи аусеицуреи рзы иабжьгаҩ Лауреано Ортега Мурильо, Ареспублика Никарагуа ахада аполитикеи Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи рзы иабжьгаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Лара, Никарагуа Ареспубликаҿ иҟоу  аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ  Инар Ладариа, Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Михаил Леденев, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи Ареспублика Никарагуа АИХқәеи рхаҭарнакцәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: