Шьамтәылатәи Арабтә Республика иҟоу Аԥшьатәарҭа Цқьа (Ватикан) Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала, Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Дамаск ақалақь аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә далахәын.
Аусмҩаԥгатә Шьамтәыла иҟоу Еиду Арабтәи Аемиратқәеи Индиеи рыцҳаражәҳәаҩцәа рдипломаттә миссиақәа рхыркәшара иазкын.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи.