Рашәара 5 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Александр Коршунови Приднестровие иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани Приднестровие иҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Аофициалтә хаҭарнакра анапхгаҩы Витали Ианковскии реиԥылара мҩаԥысит.
"Ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара акыр шықәса зхыҵуа аиҩызара шьақәгыланы иҟоуп, уи шықәсырацәала иԥышәоуп. Ҳара ҳкультуратәи ҳҭоурыхтәи ҭынхақәа рганахьалагьы ҳаиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ҳарҿиоит, ицәырҵуа азҵаарақәа рҿы иаҳзеиԥшу аҵаҵӷәқәа ҳаԥшаауеит, ҳаицәажәоит, ҳреспубликақәа ртәылауаа ргәазыҳәара аарԥшра иазынархоу адемократиатә процедурақәагьы азхьаԥшра раҳҭоит. Агәра ганы сыҟоуп, ԥхьаҟа ҳаизыҟазаашьақәа еиҳагьы ишыҭбаахо, ишҵаулахоу, акультуреи аспорти рҟны мацара акәымкәа, аекономикатә усхкқәа рҿгьы аизыҟазаашьақәа шҳабжьало», - ҳәа иҳәеит ПМР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Александр Коршунов.
Александр Ватаман Александр Коршунов ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза алагамҭазы Аԥсны Аҳәынҭқаррахь иҟаиҵаз аусуратә ҭаара шымҩаԥысыз азы адырра ииҭеит, далацәажәеит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥгаз аилатәара. Уи аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара - Апарламент ахантәаҩы Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Приднестровие Иреиҳаӡоу Ахеилак аус ацура ишазхиоу шьақәирӷәӷәеит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аусеицура ацҵареи уи арҿиареи иазыхиоуп. Уа ирдыруеит, еилыркаауеит Приднестровие аҭагылазаашьа, насгьы аус ҳацура иазхиоуп, ареспубликақәа рзакәанԥҵаратә усбарҭақәа реилакқәеи ркомиссиақәеи рганахьала еиԥш, иааизакны апарламентқәа рыбжьарагьы ихадоу аусуратә зҵаарақәа рзы", ҳәа иҳәеит ПМР аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак А. Ватаман.