Ажәабжь ҿыцқәа
19 September 2021 382
Цәыббра 19 азы Цхинвал ақалақь аҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны алхрақәа рыҽрыладырхәит: Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны Атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџь.
19 September 2021 399
Цәыббра 19 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба усутә визитла Аахыҵ Уаԥстәылаҟа дцеит, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ареспублика ашьаҭаркра 31-шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа ихы рылаирхәырц.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба цәыббра 17 азы диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба.
Цәыббра 9 2020 шықәса рзы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 13 шықәса ҵит.
Цәыббра 1 азы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу ПРООН ахаҭарнак Анна Чернышовеи, ООН аҿиара Апрограмма (UNDP) апроектқәа рзы аменеджер Федерико Диспензеи, ПРООН апроектқәа ррегионалтә координатор Бенедикт Хошеки реиԥылара.
31 August 2021 749
Нанҳәа 31 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар ҟаԥшь амиссиа ахада Натан Рейиеси Кавказ хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы ахаҭарнак Дениел Маккуини реиԥылара.
21 August 2021 683
Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев усутә визитла Аԥсны дыҟан нанҳәа 19 - 21 рзы.
15 August 2021 750
2021 шықәса нанҳәа 15 азы Дамаск иҟоу Индиа Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба Ареспублика Индиа ахьыԥшымра 75-шықәса ахыҵра иазкыз ауснагӡатәқәа дрылахәын. Ауснагӡатәқәа иара убасгьы дрылахәын Шьамтәылатәи Арабтә республика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аполитикатә зҵаарақәа рзы абжьгаҩ Муҳаммад Али.
Нанҳәа 4 азы ООН Ашәарҭадаратә хеилак атәыла-лахәылақәа быжьба – ЕАА, Великобританиа, Франциа, Ирландиа, Норвегиа, Естониа, Албаниа 2008 шықәсазтәи нанҳәатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра аламҭалаз Мраҭашәаратәи атәылақәак аицҳәамҭа – Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара иҟанаҵаз мап ацәнакырци Урыстәыла аамҭа мгакәа Аԥсны ар алнагарци ааԥхьара ҟарҵеит.