Рашәара 9 рзы Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа федерациа ахада Иауз Аҭрышбеи, Ҭырқәтәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Вершинини реиԥылара мҩаԥысит.
Аиҿцәажәараан ирзааҭгылан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа.
Аганқәа ҳџьынџьуаа рырхынҳәра азҵаара иахәаԥшит, ахәҭакахьала, адокументқәа реиқәыршәареи, хра злоу аусбарҭабжьаратә еинырра ашьақәыргылареи, еиуеиԥшым аетапқәа раан атәылауаа рыцныҟәареи рызҵаарақәа.
Иара убас аиԥылара алахәылацәа ажәларқәа реимадара арӷәӷәареи амилаҭтә хаҿра аиқәырхареи ирзырхоу акультуратә аԥшьгарақәа реицынагӡаразы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.
Иазгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнакреи, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи, урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭеи реинырра ишацҵахо.