Бад-Тельц (Германиа) ақалақь аҿы Европа ачерқьес-аԥсуа диаспора итрадициатәу рфестиваль мҩаԥысит

Бад-Тельц (Германиа) ақалақь аҿы Европа ачерқьес-аԥсуа диаспора итрадициатәу рфестиваль мҩаԥысит
8 April 2026 73

Мшаԥы 3-5 рзы Германиа амшаԥныҳәақәа раамҭазы Бад-Тельц ақалақь аҿы (Миунхен азааигәара) имҩаԥысит Европа ачерқьес-аԥсуа диаспора итрадициатәу рфестиваль. Ас еиԥш аиԥыларақәа хықәкыс ирымоуп традициала еиуеиԥшым абиԥарақәа ирыҵаркуа адиаспора реидкылара.

Аусмҩаԥгатә ахәаша ахәылбыҽха Мраҭашәаратәи Европеи, иара убас Ҭырқәтәылеи рҟны иҟоу ачерқьес-аԥсуа культуратә центрқәа рхантәаҩцәа раԥсшәаҳәаратә ажәахәқәа рыла иалагеит.

Арҭ амшқәа рзы имҩаԥган Шамиль Ҭраԥшь, Сенди Амҷба рнапхгарала аҟазара-классқәа, ашәҟәқәа рӡыргарақәа, аҭоурыхтә фильмқәа дырбара, Кавказ аҭоурых иазку алекциақәа, ахәыҷқәа рзы аворкшопқәа. Европа зегьи рыԥсадгьылқәеи рҟынтәи артистцәа рықәгыларақәа рыла ахәаԥшцәа дыргәырӷьеит.

Ахыркәшаратә аккордны иҟалеит Миунхен Аҭоурыхтә шҭаду Одеонс-платц аҿы имҩаԥысыз амҽышатәи афинал, уаҟа адиаспора аҿар амилаҭтә музыкеи акәашареи импровизациатәу рконцерт мҩаԥыргеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: