Ажәабжь ҿыцқәа

5 October 2026 1
Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарадырра аусзуҩцәа! Аҵарадырра аусхк Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿиараҿы ихадақәоу ируакуп, уи акраамҭатәи аизҳазыӷьара шьаҭас иамоуп. Аҵара ахаҭабзиара ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟа жәларбжьаратәи аренаҿы амилаҭтә интересқәа ӷәӷәала, агәра ганы, хра рыманы рыхьчара алшара ишиашоу иадҳәалоуп.
2 October 2026 75
Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит
1 October 2026 112 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит.
1 October 2026 142
Мшыбзиақәа! Ишәыдаҳныҳәалар ҳҭахуп иацы иазгәарҭоз аныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Владимир-иԥа Путин адныҳәаларақәа шәзынаишьҭит. Ари ииашаҵәҟьаны раԥхьатәи иаҳзеиԥшу иааироуп. Ҳаргьы даара ахә ҳаракны иаҳшьоит ари иахьатәи ҳҭоурых.
30 September 2026 121
Жьҭаарамза 1, 2026 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара мҩаԥгахоит.
30 September 2026 64
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
30 September 2026 71
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аколлективи Аҟәа, Ахьӡ-аԥша Апарк аҿы 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит.
30 September 2026 69
Ари аныҳәа наунагӡа аҭоурых иазынхоит ахақәиҭреи асуверентә ҿиареи, аиашареи ахалахатәҳәаақәҵареи рзы ҳажәлар рзин иасимволны.
29 September 2026 68
Цәыббра 29 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Иавуз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу Ҭырқәтәыла аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа (Аԥсуафед) аделегациа дырԥылеит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: