Ажәабжь ҿыцқәа
Жәаф шықәса раԥхьа Урыстәылатәи Афедерациа ҳтәыла аганахь ала аҵак ду змаз аӡбра аднакылеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Дмитри Медведев инапы аҵеиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп ҳәа изшьоз Аусԥҟа.
25 August 2024 143
Нанҳәа 25 азы Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит. Ахсар Џьиоев диԥылеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа.
22 August 2024 204
Аԥсны АдәАр аусзуҩцәа Асҭамыр Асабуеи Саид Ҭарбеи Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика хатәгәаԥхарала аибашьцәа Реидгыла аҳаҭыртә шәҟәқәа рыҭоуп.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Алии Дамасктәи ауниверситет аректор, апрофессор Муҳаммад Усама Аль-Џьаббани аиԥылара мҩаԥыргеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамба Аԥсны иҟоу Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Купалба иирамш идиныҳәалеит.
Нанҳәа 15 азы Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы Хатәгәаԥхарала аибашьҩы Имш азы адкылара мҩаԥган.
Еиду амилиҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак алахәылацәа – Франциа, Иапониа, Мальта, Словениа, Британиа Ду, Еиду аштатқәа, иара убасгьы ԥхьаҟа уи иалахәылахараны иҟоу – Даниа, Бырзентәыла рыхьӡала Мальта еснагьтәи ахаҭарнак ихаҭыԥуаҩ Франчески Гатт иҳәамҭа ҳазыӡырҩит. Аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспубликеи «Қырҭтәыла иузаҟәымыҭхо хәҭоуп» ҳәа, иара убасгьы ааԥхьара ҟаҵоуп Урыстәылахь арҭ аҳәынҭқаррақәа рхьыԥшымра мап ацәнакырц.
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала адашшыларатә шәҟәы аанашьҭит Аԥсадгьыл ахьчаҩ игәалашәара Амш аҽны.
Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа Ареспублика хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз реидгыла ахантәаҩы Игор Кокоеви Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи реиԥылара мҩаԥысит нанҳәа 14 азы.