2025 шықәса лаҵара 5 азы Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Боливариатәи Ареспублика Венесуела иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Деиси Торрес лнаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа амилаҭтә ҳаҭыр Амш азгәаҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит.
Ацеремониа напхгара азыруан Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Деиси Ивет Торрес, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Латинтәи Америка аусқәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Рандер Пениа, Венесуела аомбудсмен Альфредо Руис Ангуло.
Заур Ӷәаџьаа Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ идиныҳәалеит атәылазы ас еиԥш акыр зҵазкуа арыцхә азгәаҭара.
Каракас ақалақь аҿы иҟоу Амилаҭтә Пантеон аҿы имҩаԥысыз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, АИХқәа рхаҭарнакцәеи егьырҭ асасцәеи.
Заур Ӷәаџьаа Ареспублика Никарагуа амилаҭтә ҳаҭыр Амш азгәаҭара иазкыз ацеремониа ихы алаирхәит

6 May 2025 88