2025 шықәса рашәара 23 азы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Венесуела ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригеси адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои имҩаԥыргаз изаамҭанытәим аиԥылара ихы алаирхәит.
Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысыз аилатәараҿы аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригес Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә корпус аҳәынҭқарра ахада Николас Мадуро Морос аҭынчреи аибашьра аҿагылареи рзы Асаммит амҩаԥгаразы иҟаиҵаз ажәалагала далацәажәеит. Иара убас, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ари ааԥхьара адунеи аҳәынҭқаррақәа рхадацәа рҟынӡа ишнагаз.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу ацҳаражәҳәаҩцәеи адипломатиатә миссиақәа рнапхгаҩцәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аинформациатә хархәагақәеи рхаҭарнакцәа.
Заур Ӷәаџьаа Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Делси Родригеси адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинтои имҩаԥыргаз изаамҭанытәим аиԥылара ихы алаирхәит
25 June 2025 217