2025 шықәса рашәара 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара шьаҭаркуижьҭеи 80 шықәса аҵра иазкны, Венесуелатәи аган аԥшьгамҭала «Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Аԥҟаԥҵәа ахьчаразы аиҩызцәа Ргәыԥ» алахәылацәа еиҿыркааз аиԥылара ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы, адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль Пинто инапхгарала имҩаԥысит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр иажәахә аҿы даҽазныкгьы иазгәеиҭеит ганрацәалатәи азнеишьеи ажәларқәа ҭынч ԥсҭазаарала реицынхареи рыҟазаара шхымԥадатәиу, уи инамаданы аҳәынҭқарра Ахада Николас Мадуро зымҩаԥгараз ааԥхьара ҟаиҵаз аҭынчреи аибашьра аҿагылареи рзы Адунеизегьтәи Асаммит амҩаԥгара ахымԥадатәра азгәеиҭеит.
Урыстәыла, Китаи, Палестина, Иран, Боливиа уҳәа егьырҭ "ЕАР Аԥҟаԥҵәа ахьчаразы аиҩызцәа ргәыԥ" ацҳаражәҳәаҩ-лахәылацәа, иара убасгьы Америка ажәларқәа рзы Боливариантәи Алианс– Ажәлар реилахәаахәҭратә Еиқәшаҳаҭра (ALBA-TCP) анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Рандер Пениа, аусмҩаԥгатә аҿы ажәахә ҟарҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рнапхгаҩцәеи, Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аинформациатә хархәагақәеи рхаҭарнакцәа.