Аиҿцәажәарақәа изаамҭанытәиу рраунд актәи амш аатит еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аԥышәа иазку аинформациатә сессиа ала.
Иара убасгьы имҩаԥысит Аԥснытәи аделегациеи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи хаз игоу реиԥыларақәа.
Аилатәарақәа аҩбатәи рымш аан алахәылацәа амшхәаԥштә иалагалоу азҵаарақәа зегьы ирыхәаԥшит. Атема хадақәа ируакхеит ашәарҭадара аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа алацәажәара.
Аделегациақәа рхаҭарнакцәа ргәаанагарақәа еиқәшәеит арегион аҿы аҭагылазаашьа акыр иҭышәынтәаланы иаанхоит ҳәа азгәаҭараҿы.
Ашәарҭадара азҵаарақәа ирызку актәи аусуратә гәыԥ аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ҩаԥхьа инаҵшьны иазгәарҭеит амч ахамырхәаразы зинла адҵа ҟазҵо аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аҵак ду шамоу, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи, ганкахьала, Қырҭтәылеи — даҽа ганкахьала рҳәаа аделимитациеи адемаркациеи рызҵаарақәа рҭышәныртәалара. Иарбоу атематикала аделегациақәа зегьы, иара убас Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа злахәыз агәаанагарақәа реимдара мҩаԥысит.
Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан Гал ақалақь аҿы ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рықәҿыҭреи рзы Амеханизм аусура аиҭарҿыцра аԥеиԥшқәа. Алахәылацәа зегьы ишьақәдырӷәӷәеит уи аусура аиҭашьақәыргылара ишазҿлымҳау. Убри аан МПРИ аилатәарақәа реиҿкаараз атехникатә аспектқәа рганахь ала аиқәшаҳаҭра аҟамзаара, аганқәа ари аус практикала анагӡарахь риасра уаанӡеиԥш иалнаршом.
Аиԥылараан Урыстәылеи, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рделегациақәа иҟоу аиҿцәажәаратә формат еиқәырханы, Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа рыплошьадка Швеицариантәи даҽа тәылак ахь аиагаразы ажәалагала ҟарҵеит. Аргументк аҳасабала иазгәаҭан иарбоу аделегациақәа ргәаанагарала Швеицариа анеитралтә ҳәынҭқарра ашәага-зага иахьазы ишақәымшәо.
Аҩбатәи аусуратә гәыԥ аҟны излацәажәоз тема хадақәаны традициала иҟалеит агуманитартә зҵаарақәа, ахәҭакахьала, аныҟәара ахақәиҭра, Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра, аҵареи агәабзиарахьчареи рызҵаарақәа, иара убас хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара. Қырҭтәылатәи алахәылацәа апунктқәа жәпакы аполитика ҟазшьахь риагаразы рҽазышәарақәа шыҟазгьы, хыхь еиқәаҳаԥхьаӡаз атемақәа зегьы субстантивла рылацәажәара алыршахеит.
Аԥснытәи аделегациа ахаҭарнакцәа рықәгыларақәа рҿы даҽазныкгьы азхьаԥшра арҭеит аныҟәара ахақәиҭреи адәныҟатәи аиҭаҵреи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзинқәа рыхьчара атема хада.
Аԥснытәи алахәылацәа ацхантәаҩцәеи егьырҭ аделегациақәа рхаҭарнакцәеи Гал араион аҿы аҵарадырра аусхк аҟны иҟоу аҭагылазаашьа рзеиҭарҳәеит, иахәҭоу астатистикатә дыррақәа рырҭеит, Қырҭтәыла аделегациа алахәылацәа рганахьала аҭыԥантәи аҵаҩцәа Аԥсны аиҳабыра адискриминациатә политика мҩаԥыргоит ҳәа иҟарҵоз ахарадҵара мап ацәыркит.
Аҩбатәи аусуратә гәыԥ амшхәаԥштә аԥшьбатәи апункт ала аԥсуа, аахыҵ уаԥстәылатәи, урыстәылатәи аганқәа рпозициа ԥсахрада иаанхеит. Аидгылатә делегациақәа инарываргыланы Аԥсуа ган ахҵәацәа ртема алацәажәара иалахәымызт.
Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи, 68-тәи рраунд азыԥхьагәаҭоуп 2026 шықәса абҵарамзазы.
Женева ихыркәшахеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи рраунд
3 July 2026 54