Аҧсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика ақалақь Бендера аҿтәи атрагедиа инамаданы адышшылара ҟанаҵеит.
Адышшылараҿы иаҳәоит:
«Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҭоурых аҿы рашәара 19, 1992 шықәса еиҳа агәыхь зҵоу рыцхәны иҟоуп. 32 шықәса ҵуеит Бендеры ақалақь аҿы шәҩыла аԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз ашьаарҵәыратә хҭысқәа ҟалеижьҭеи. Иахьа, 1992-1993 шықәсқәа рзы аибашьра зхызгаз Аԥсны ажәлар, Приднестровиатәи аиашьаратә жәлар ирыцџьабоит аибашьра иаанаго арыцҳарақәа ртәы бзиаӡаны еилкаауа».