Ажәабжь ҿыцқәа
Цәыббра 5 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы азинмчнагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Александр Ватаман Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика ашьақәгылара 35 шықәса ахыҵра иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа ихы алаирхәит.
Цәыббра 2-3 рзы, Никарагуа аиҳабыра рнаԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа, Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аминистр-абжьгаҩ Алиас Аиба Никарагуа Арбџьармчқәа раԥҵара 46 шықәса ахыҵра иазкыз аусмҩаԥгатәқәа ирылахәын.
4 September 2025 147
Аҟәа иазгәарҭеит 1992-1993 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз ргәалашәара.
Иапониа аиааира агәалашәаразы Еидҵоу Аиҿкааратә Еилакы ааԥхьарала, Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Иапониа аиааиреи Аҩбатәи Адунеизегьтәи Аибашьра аилгара 80 шықәса аҵреи ирызку ацеремониатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Никарагуа адәныҟатәи аусқәа рминистр Вальдрак Џьентске иахь Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверинитети азхарҵеижьҭеи 17 шықәса аҵра иазкны ашәҟәы наишьҭит.
Сҭампыл имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц напхгара ззиуаз аԥсуа аделегациеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны Ахаҭарнакра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡбеи реиԥылара.
31 August 2025 80
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа напхгара зиҭоз Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟаз аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Илиа-иԥа Боциев наӡаӡа абзиараз ҳәа иаҳәара ацеремониа рхы аладырхәит.
29 August 2025 101
Дамаск ақалақь аҿы, 62-тәи Жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-ааглыхратә цәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ареспублика Аԥсны аделегациа Шьамтәыла иҟоу ачерқьесстә ансамбль аконцерт иаҭааит. Уи инанагӡеит амилаҭтә аԥсуа-дыгатә жәлар рыкәашарақәа.
28 August 2025 202
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы адышшылара ҟаиҵеит.