Аԥсны Адәныҟаполитикатә усбарҭа Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Зартәи арыцҳара 30 шықәса ахыҵра инадҳәаланы.
Адышшыларатә шәҟәаҿы иаҳәоит:
«Лаҵара 20, 1992 шықәса дарбанызаалак уаҩԥсык игәы инамырхькәа дыннамыжьит. Ажәлар ргәалашәара ахааназгьы иузаныхуам ақырҭуа фашизм ацәгьоура, аҭынч уааԥсыра рнырҵәара. Зартәи арыцҳара аханазгьы ҳагәқәа рҿы аҭыԥ шамоу иаанхоит.
Абри арыцҳара амш аҽны 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьра зхызгаз Аԥсны ауаажәлар Аахыҵ Уаԥстәыла ауааԥсыра ргәырҩа рыцеиҩыршоит, иргәаладыршәоит зыԥсҭазаарақәа ҿахырҵәаз».