Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аекспатриантцәа русқәеи рзы аминистрра адышшылара анота азынанашьҭит.
Анотаҿы иазгәаҭоуп:"Гәалсра дула иҳадаҳкылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҳҭнықалақь аҿы иҟалаз атеррористтә акт азы ажәабжь.Еиҳарак ацәанырра хьанҭақәа узцәырнагоит акгьы зхарамыз ауаа ааха рызҭаз ари ауаҩра злам ацәгьоура асас дахьк иҟазаара аилашымҭаз иахьынагӡаз, уи инаҵшьны иазгәанаҭоит ипровокациатәи цәгьацәыԥхамшьаратәи ҟазшьа.
Атерроризми уи ацәырҵрақәа зегьи хьаҳәхьачарада ҳрықәыӡбоит, ас еиԥш ахымҩаԥгашьа рқьиашьа амаӡам ҳәа иҳаԥхьаӡоит.
Агәрагара ааҳарԥшуеит шьамтәылатәи аиҳабыреи адунеитә еилазаара зегьи рымчала арҭ ацәгьоурақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы ахара зду ирықәнагоу ахьырхәра ишақәдыршәо».